Перейти к содержанию

Чачба, Гьаргәал (Абжьыуатәи)

Аматериал Авикипедиа аҟынтә - зхы иақәиҭу аенциклопедиа
Григори Чачба
Абжьыуатәи Агьежьыра анапхгаҩы
Амаҵураҭыԥ ахь:
1858 – 1864
Аԥхьа иҟаз Кьасариа Адиан
Аҭынха Агьежьыра иаԥыхуп


Аира 1819
Кәтол, Абжьыуатәи Агьежьыра
Аԥсра жәабранмза 21898 ш.
Аԥҳәыс Агата Адиан
Ани аби аҳкәажә Кьасариа Адиан
аҭауад Алықьсандр Чачба

Григори Чачба (1819 Кәтол ақыҭан – жәабранмза 21898 ш.) — Абжьыуатәи Аԥсны анапхгаҩы.

Ахәыҷра

Григори диит 1819 шықәсазы Кәҭол, Абжь.Агь. анапхгаҩы – аҭауад Алықьсандр Чачбеи аҳкәажә Кьсариа Адиани рҭаацәараҿы[1]. Григори Алықьсандр иԥеиҳабы иакәын, Абжь.Агь. ҭынхасгьы даман.

Аҿара

1847 шықәсазы Григори изкны Селезнев абасала дихцәажәоит:

«Хәышықәса зхыҵуаз асаби Григори даҳдыруаз, уажәы 16 шықәса раҟара ихыҵуан, дҳаракын, даараӡа дгәыбылҩын, иқәыԥшра ахьҟьаны ацәажәара деилаҳауан."[2]

1848 ашықәс азы Григори иаб дыԥсит[1]. Формала Григори Абжь.Агь. напхгаҩыс дҟалар акәын. Аха иан Кьасариа анапхгара лнапаҿы ианылкылеит. Иара убас урҭ 10 шықәса зиашарала напхгара луан. 1858 ашықәс азы Кьасариа амчра мап ацәылкит Григори дидгыланы[3].

Иҽеим ахымҩаԥгара

Григори идҳәалоу уск иҟоуп. Аԥсҳа Михаил иԥҳа (абраҟа Анна ма Елена Чачԥҳа лакәзар ҟалап зыӡбахә иҳәоу) Григори Чачба иҟынтә деимгәадухеит, уи иҟаиҵаз ацәгьоура ашьҭақәа иҵәахырц азыҳәан, иишьыз ашҳам лиҭеит. Убасҟан аӡӷаб лабаӡӡеи, аамсҭа Амаан Ҳасан, асаӡқәа ргәыԥ ӷәӷәа дахагыланы, Григори имазарақәа (Ҭамшьи Аҭареи) ирбгеит, нас ҩынҩажәа мшы лнышәынҭра дадҵомызт, Мықәтәи абеирҭыԥаҿ иааз.[4]

Аҭаацәа

1845 шықәса, ԥхынгәы 9 азы Григори Чачба ԥҳәысс дигеит иҭынха — Агата Адиан. Ари аибагараҿ иит:[1]

  • Иуа Григори-иԥа (09/01/1847-1906) – Урыстәылатәи арр афицар.
  • Кьасариа Григори-иԥҳа (1849-01/15/1906) – аҳкәажә.
  • Алықьсандра Григори-иԥҳа (1852-?) – аҳкәажә.
  • Анна Григори-иԥҳа (1855-06/10/1913) – аҳкәажә.
  • Константин (Кац) Григори-иԥа (10/22/1858-10/15/1914) – аполковник.
  • Софиа (Абгьанаш, Сонико) (10/22/1858-?) - аҳкәажә.
  • Алықьсандр Григори-иԥа (07.10.1860-1932) – Аҟәа ақалақь ахада.
  • Салам (Чыч) Григори-иԥҳа (1864-1943) – аҳкәажә.

Аҭауад Гр. Абжьуитәи Чачба иԥҳа – Салам ҳәа хьӡыс змаз, Кәыҵниаа рҭаацәара ҟәшак - Барақь (Аҭара ақыҭа) иԥацәа драаӡеит. Абри аинформатор излеиҳәо ала, нхаҩык имамызт аԥшәма иҩны ахаҭарнакцәа, иааизакны Чачба ижәла рхаҭарнакцәа рааӡара, аха Кәыҵниаа уи аҩыза азин аиуразы аҳәара рылшеит. Салам хаҭала драаӡеит Хакәыцәи Кәыҵниеи уи иашьцәа Хәыҭыжәи Кәыкәи. Хакәыцә ихаҭагьы дуаҩ бзиан, иаԥсоу аҳамҭақәа ҟаиҵон, азеиԥш ҳәаақәа ирҭагӡаны аҭауад иҿаԥхьа иԥҳәыси иҭацацәеи дрыцны дахьнеиуаз азы, аӡӷаб дрырҭеит. Ҳакәыцә иԥҳәыси иашьцәа ҩыџьа рыҳәсақәеи деицырааӡеит.[4]

Азхьарԥшқәа

Азгәаҭақәа

  1. 1,0 1,1 1,2 Ҷкәан Иури, Аԥсуа аҳцәа Чачаа рышьҭра, Қарҭ: Универсал, 2007.
  2. Селезнев М., Кавказ аҭҵааразы, Москва, 1847.
  3. Серена Карла, Аԥсны акәша-мыкәша аныҟәара, Москва: Абаза, 1999.
  4. 4,0 4,1 Инал-иԥа Шалуа, I ахы // Аԥсуаа реибагара-рҭаацәаратә, рсоциалтә еизыҟазаашьақәа ретнографиа., Аҟәа: Акьыԥхь аҩны, 2016.