Адиаспора
Адиаспора (абырз. διασπορά) — ари ажәлар рыхәҭак ауп, изхылҵыз атәыла аҟны инымхо, аха убри аан иахьынхо атәыла аҟны, иаку иҭышәынтәалоу аетникатә гәыԥқәа аԥҵаны измоу, насгьы дара рыҿиареи руаажәларреи реиԥшзаара амырӡразы, адгыларазы асоциалтә институтқәа змоу жәларуп.
Аҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ус еиԥш иҟалеит аҭоурых аҟны, аетносқәа лассы-лассы дара рҵакырадгьылқәа рҟны акәымкәа, егьырҭ атәылақәа рҟны инхалартә еиԥш. Уи зыхҟьаз аибашьрақәа, аҳәаақәа реиҭакра, аимпериақәеи аҳәынҭқаррақәеи рхыбгалара, аԥсабаратә рыцҳарақәа, аекономикатә кризисқәа уҳәа роуп. Абарҭқәа зегьы ажәларқәа ԥсаҟьаны адунеи иаланаԥсоит. Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара адыррақәа рыла, 1960 шықәса рзы атәым тәылақәа рҟны инхон 75,5 миллионҩык ауаа, 2000 шықәса рзы – ари ахыԥхьаӡара 176,6 миллионҩык рҟынӡа иҟалахьан, 2009 шықәса рзы ари ахыԥхьаӡара 213,9 миллионҩык рҟынӡа еизҳаит, 2013 шықәса рзы – 232 миллионҩык.
Иахьа еиуеиԥшым адунеи атәылақәа рҟны инхоит х-процентк инаркны жәа-процентк рҟынӡа ауааԥсыра, урҭ зегьы мигрантцәоуп. Хықәкыла иаҳҳәозар, атәым тәылақәа рҟны инхоит 35 млн акитаиццәа, 25 млн еиуеиԥшым африкатәи атәылақәа ирылҵыз, 19 млн аурысцәа, 14 млн акурдцәа, 9 млн индиаа, 10 млн ирландиаа, 8 млн италиаа, ауриацәа, ацыганцәа, 5,5 млн аерманцәа, 4,5 млн авенгрцәеи аполиакцәеи, 4 млн абырзенцәа, 3,5 млн аҭырқәцәеи иранааи (аџьамцәа), 3 млн иапониаа, 2,5 млн анемеццәа. Атәым тәылақәа рахь иқәнагалаз ауаа еснагь рмилаҭ еиуаз ирыҿцаауан. Уи азын дара ацуҭақәа еиҿыркаауан. Иахьа ацуҭа (община) – ари ауаа ракзаара ауп – ԥҟараны ишышьақәгылаз еиԥш, уи еиднакылоит аҭаацәарақәа, ауацәа, аҭынхацәа – урҭ зегьы еимадоуп анхамҩа, акультура, азинтә усура уҳәа рыла, насгьы ҵакырадгьылк аҟны еицынхоит. Ауаа реизааигәара, аӡәыкны рыҟалара ари ацуҭа иакритериақәаны иҟазар ретникатә хылҵшьҭра, ас еиԥш ацуҭа – адиаспора ҳәа иашьҭоуп. Адиаспора ахкқәа У. Коен иаликаауан ԥшь-диаспора хкык: адиаспорақәа – иалаӡыз (ауриацәа, африкаа, аерманцәа, палестинаа), аџьатә диаспорақәа (индиаа), аџьатәқәа (китаиаа), аимпериатә (британиатәи, франциатәи, испаниатәи, португалиатәи). Дж. Армстронг ҩ - диаспора хкык аликаауан: «амобилтәи» «апролетартәи». «Амобилтә» диаспорақәа ирымоуп акыр иҭбаау, иуадаҩу аҭоурых, урҭ рҭоурых шәышықәсала ишьақәгылоз акакәын. Арҭ адиаспорақәа асоциалтә шьцылара иазыманшәалоуп, убри аҟынтә акыр инарҵауланы издызкылаз аилазаара аҟны рышьаҭа рҳаит уҳәар алшоит. «Амобилтә» диаспора акатегориа иаҵанакуа ракәзар, Дж. Армстронг уахь иаҵаиркыз зегь раԥхьа иргыланы ауриацәеи аерманцәеи рдиаспорақәа роуп.
«Апролетартә» диаспорақәа – ари ааигәа ишьақәгылаз етникатә еилазаароуп. Дж. Армстронг игәаанагарала, «арҭ адиаспорақәа ҳаамҭазтәи аполитика иалҵшәахаз иқәҿиарадоу аалыҵуп».
Г. Шеффер иаликаауеит абас еиԥш адиаспора хкқәа: – инарҵаулоу аҭоурыхтә шьаҭақәа змоу (арахь иаҵанакуеит аерманцәа, ауриацәа, китаиаа рдиаспорақәа); – «макьаназы ихырқәақәо» (америкаа, Европеи, Азиеи, Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны скандинаваа); – «иҿоу» (ари адиаспора хкы еиҿыркаауеит абырзенцәа, аполиакцәа, аҭырқәцәа); – «ҿыц иҿио», даҽакала иуҳәозар, ашьақәгылара амҩа иану (ас еиԥш адиаспорақәа зырҿио кореиаа, филиппинаа, насгьы анкьатәи асоветтә республикақәа рҟны инхоз аурысцәеи роуп); – «аҩны змам», зхатәы ҳәынҭқарра змам (ари акатегориахь иаҵанакуеит акурдцәеи, апалестинеццәеи, ацыганцәеи рдиаспорақәа); – «аетномилаҭтә», «ахатәы» ҳәынҭарра рымазшәа агәаанагара зызцәырҵуа, ари зегь реиҳа иалаҵәоу диаспора хкуп; – «еихырԥсаҟьоу», еизакны инхо.
Зегь реиҳа идуу адиаспорақәа жәаба:
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы амиграциатә процессқәа даара идуу амасштабқәа аҵанакуа иалагеит – иахьазы адунеи аҟны инхо ауаа рахьтә 35-тәи зҭыԥ иахыҵны даҽаџьара нхара ицаз иоуп. Аҿиара змоу атәылақәа рҟны акәзар, 10-тәи зҭыԥ иахыҵны даҽаџьара нхара ицаз иоуп. Даҽа тәылак ахь нхара ицаз инхарҭа ҭыԥ ҿыц аҟны ибзазашьа анеиқәиршәалак, имилаҭ иаҵанакуа емиграциа рцара дацхраауеит. Убри аҟынтә иџьашьатәӡам, адиаспорақәа рхыԥхьаӡара ас лассы иахьазҳауа. Зегь реиҳа идуу диаспорақәоуп:
10. Ацыганцәа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ацыганцәа ауаа рышәҟәҭагалара лассы-лассы рхы аладырхәуам, рхыԥхьаӡаразы рхатә дыррақәа рымоуп умҳәозар. Убри аҟынтә ари ажәлар ирыдҳәалоу ахыԥхьаӡарақәа зегьы - ус инықәырԥшшәа иҟаҵоу дыррақәоуп, иахьазы дара 8 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп ҳәа азгәаҭоуп. Убасгьы, иԥхьаӡоуп Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны миллионҩык рҟынӡа ацыганцәа шынхо, урҭ рхыԥхьаӡара рацәоуп Бразилиа, Румыниа.
9. Италиаа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ажәбатәи аҭыԥ аҟны иҟоу италиаа рдиаспора 8 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит. Дара рмилаҭ аҳәаанырцәтәи атәылақәа рахь рықәҵра хацыркын XIX ашәышықәса анҵәамҭазы, еиҳаракгьы ари апроцесс аҿарҭбааит Актәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь. Уи мзызс еиҳарак иаиуз аӷарра ауп, амамзаара ауаа убас еиԥш аҭагылазаашьа иҭанаргылон, егьырҭ аҵакырадгьылқәа рахь иқәҵны ицаратәы. Италиаа еиҳарак иқәҵны нхара ҳәа иахьцаз Ҩадатәии Ладатәии Америка атәылақәа рахь ауп.
8. Ауриацәа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аофициалтә дыррақәа рыла, ауриацәа Израиль анҭыҵ инхо рхыԥхьаӡара 8 миллионҩык рҟынӡа инаӡоит, аха зегь реиҳа ауриацәа ахьынхо Еиду Америкатәи Аштатқәа (урҭ уатәи рхыԥхьаӡара 5-миллионҩык иреиҳауп), Франциа, Британиа Ду рҟны ауп. Еиду Америкатәи Аштатқәа рҿы ауриацәа рыцуҭа адунеи аҟны зегь реиҳа еиҳауп ҳәа иԥхьаӡоуп, иара убасгьы 2003 шықәсанӡа ауриацәа рдиаспора Еиду Америкатәи Аштатқәа рҟны еиҳа еиҳан Израиль инхоз ауриацәа рхыԥхьаӡара аасҭа.
7. Аерманцәа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Адунеи 102 тәыла рҟны инхоит Ермантәылантәи амигрантцәа. Урҭ рахьтә 87 % атәылақәа 6 рҟны ауп иахьынхо, урҭ рхыԥхьаӡараҿы Урыстәыла, Еиду Америкатәи Аштатқәа, Франциа. Аерманцәа рдиаспорагьы 8 миллионҩык шьақәнаргылеит, убри аан иара Ермантәыла инхо 3 миллионҩык роуп. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы дара рҽазыршәеит иаку еиҿкаарак, адиаспора еидызкыло аԥҵара, аха ари аус макьаназы аҵыхәтәанынӡа иӡбам.
6. Украинаа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Украинаа рыԥшьбатәи ахәҭа (10 миллионҩык инадыркны 15 милионҩык рҟынӡа) Украина анҭыҵ ауп иахьынхо. Зегьы иреиҳау урҭ рдиаспора ахаҭарнакцәа Урыстәыла ауп иахьынхо, иара убасгьы имаҷҩымкәа украинаа нхоит Еиду Америкатәи Аштатқәа, Канада, Молдова. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы зегьы иреиҳаны амигрантцәа нхара ҳәа иахьцо Испаниа, Италиа, Мысра атәылақәа рахь ауп.
5. Аполиакцәа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аполиак хылҵшьҭра змоу амигрантцәа, аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, 21 миллионҩык ыҟоуп. Урҭ зегь раасҭа иахьынхо ҭыԥуп Еиду Америкатәи Аштатқәа – ара инхо аполиакцәа рхыԥхьаӡара миллионки 500 нызқьҩык рҟынӡа инаӡоит, Бразилиеи Германиеи ракәзар, Польшантәи амигрантцәа рхыԥхьаӡара еиԥшуп уҳәар ауеит – дара ҩ-миллионки 500-нызқьҩык рҟынӡа тәылацыԥхьаӡа инхоит.
4. Аурыс диаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ианеиҵаха 25 миллионҩык рҟынӡа аурысқәа еиуеиԥшым аамҭақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа анҭыҵҟа нхара ҳәа иагеит. Иҟоуп ахыҵхырҭақәа, урҭ рхыԥхьаӡара 40 миллион рҟынӡа инаӡоит ҳәа аазыцҳауа, аха аҭҵааҩцәа ас еиԥш ахыԥхьаӡара иақәшаҳаҭым. Зегьы иреиҳау европатәи аурыс диаспора нхоит Германиа. Убри анаҩсгьы, урысшәала ицәажәо амигрантцәа рацәаҩуп Еиду Америкатәи Аштатқәа, Израиль, Латвиа.
3. Индиаа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара иҟанаҵаз аҳасабырба инақәыршәаны, адунеи зегьы аҟны инхоит индиаа рхылҵшьҭрақәа 25 миллионҩык рҟынӡа, дара адунеи 110 тәыла рҟны иҟоуп. Зегь реиҳа индиаа рхылҵшьҭрақәа ахьынхо Непал (4 миллионҩык), Еиду Америкатәи Аштатқәа (3 миллионҩык), Малаизиа (2,4 миллионҩык) рҟны ауп.
2. Акурдцәа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Акурдцәа рдиаспора шаҟа ыҟоу аԥхьаӡара зыруадаҩуа акәны иҟоуп, дара ахьынхо ԥшь-тәылак рҟны зныкгьы ауаа ашәҟәранҵара ахьымҩаԥырымгац. Еиуеиԥшым адыррақәа рыла, акурдцәа рдиаспора – 20 миллионҩык инаркны 40 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп, аха зегь реиҳа ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоу 35 миллионҩык ҳәа иҟоу адыррақәа роуп.
1. Китаиаа рдиаспора
[аредакциазура | акод аредакциазура]Аҵыхәтәантәи адыррақәа рыла, китаиаа рхыԥхьаӡара, зҭоурыхтә ԥсадгьыл иацәыхараны инхо, 50 миллионҩык рҟынӡа ыҟоуп. Урҭ реиҳараҩык (20 миллион инаркны 30 миллион рҟынӡа) Лада-Мрагыларатәи Азиа инхо роуп, ҿырԥштәыс иаагозар, Сингапур инхо ауааԥсыра зегь рахьтә 78% шьақәзыргыло китаиаа роуп. Убри анаҩсгьы китаиаа рдиаспора ыҟоуп Америкеи Европеи. Аӡәырҩы асоциологцәа излашьақәдырӷәӷәо ала, иахьатәи аамҭазы «адунеитә диаспоризациа» апроцесс мҩаԥысуеит, дара адиаспорақәа рхаҭақәа ракәзар, атрансоциалтә ҳақәаны аҟалара иалагеит. Убри аҟынтә, аамҭа цацыԥхьаӡа иалшоит адиаспорақәа рхыԥхьаӡара еизҳар, иазҳауеит убасгьы урҭ аполитикатәи аекономикатәи ҭагылазаашьа иазыҟарҵало аныррагьы.
Адиаспора афункциақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Адиаспорақәа зегьы лахьынҵак-лахьынҵак рымоуп. Урҭ алахьынҵақәа еиуеиԥшым, дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазааратә мҩа шиндивидуалтәу еиԥш. Аха, егьа ус акәзаргьы, адиаспорақәа русура аҟны еицырзеиԥшу афункциақәа маҷым. Ус еиԥш рҷыдаҟазшьоуп «ижәытәтәиугьы» «иҿыцугьы» адиаспорақәа. Дара адиаспорақәа рцәырҵшьа амзызқәа шеиԥшымгьы, ирзеиԥшу аҟазшьақәа рымоуп. Аха абра иазгәаҭатәуп, зыӡбахә ҳәоу афункциақәа рхаҭәаара, рбеиара уҳәа акыр аиԥшымзаарақәа шрымоу.
Зегь реиҳа иалаҵәаны иҟоу адиаспора афункциақәа иреиуоуп досу рҭоурыхтә ԥсадгьыл, рыжәлар ркультура, рыҿиара, доуҳала рырбеиара ацхраара, адгылара рзыҟаҵара. Иҷыдоу аҭыԥ аанакылоит ахатәы бызшәа аиқәырхара. Ишдыру еиԥш, абызшәа ауп даҽа тәылак аҟны ауаҩы далкааны, дызмилаҭу удыруа дҟазҵо. Ахатәы бызшәа иабзоураны ауаҩы дахьынхозаалак, иарбан ҳәынҭқарразалак аҟны истатусгьы аҽаԥсахуеит. Ҿыц ишьақәгыло адиаспора еснагь ахатәы бызшәа ахархәара анаҭоит иформалтәым аицәажәара аан, аха ашкол, аусеилыргара, амассатә информациа ахархәагақәа рҟны уи ахархәара маҷуп, зынӡагьы иамам уҳәар алшоит. Ахатәы бызшәа зехьынџьара ахархәара аиура азықәԥара аҭахны иҟоуп. Ахатәы бызшәа амилаҭтә культура ретронслиаторс иамоуп, уи ацәыӡра, еиҳаракгьы адоуҳатә хырхарҭаҟны рыцҳара дууп (атрадициақәа, ахдырра, ақьабзқәа). Аха убри аан, збызшәа зцәыӡыз ажәларқәа, ретнос ишаҟәҟьазгьы, диаспораны ишыҟаз иаанхоит (иаҳҳәозар анемеццәа, кореиаа, ассирииццәа, чувашиаа уҳә. егь.) Абас алагьы абызшәа аиқәмырхара адиаспоразы иҳәаақәҵоу ҷыдарам. Адиаспора аусуразы ихадоу акәны иҟоуп аетникатә культура аиқәырхара, уи иаҵанакуеит аматериалтә, адоуҳатә, асоционормативтә усура. Еиҳа инарҵауланы аетникатә культура аныԥшуеит алитература, аҟазара, аетникатә символика, атрадициақәа, еиуеиԥшым аматериалтә культура аформақәа (акрыфара, аҽеилаҳәара), афольклор. Аетникатә культура амырӡра аригьы адиаспора иаҷыдаҟазшьоуп. Аха аамҭа цацыԥхьаӡа адиаспора аетникатә культура изхылҵыз ретнос акультура акыр иацәыхарахоит.
Уи адиаспора ахьынхо ажәлар иныҟәырго атрадициақәеи иареи еилаӡҩоит. Аетникатә культура амырӡра зхьыԥшу адиаспореи изланхо ажәлари ирыбжьоу адистанциа ауп, иара убасгьы, иахьынхо аҳәынҭқарра адиаспорахь иаанарԥшуа атолерантреи, адиаспора ахаҭарнакцәа ркультура аиқәырхара агәазыҳәара ахьынӡарымоуи роуп. Даара аҵак ду амоуп аекономикатә функциагьы, уи акыр адиаспорақәа ахархәара алыршара рҽазыршәоит. Ара зыӡбахә ҳәоу убас еиԥш иҟоу аекономикатә ҿиара аформақәа роуп, иҷыдоу даҽа жәларык ирыламҩашьо жәлар рнапҟазарақәа раалыҵқәа рҭыжьра алыршара. Арҭқәа зегьы адиаспора ахаҭарнакцәа рыԥсҭазаара еиԥш, егьырҭ амилаҭқәа изланхогьы рыԥсҭазаара арбеиоит. Ас еиԥш аекономикатә функциақәа раларҵәара еиуеиԥшым ауадаҩрақәа ацзаргьы, аҭоурыхтә ԥышәа ахархәара аҭазар, зегьы уи аҟынтә иаиааиуеит, афеида алырхуеит. Ара, иара убасгьы, иазгәаҭатәуп адиаспора аполитикатә функциақәагьы шынанагӡо. Ари раԥхьа иргыланы иахьаныԥшуа иназыцҵоу азинқәа роуразы алоббизм аныҟарҵо ауп. Иҩбахаз, адиаспора, мамзаргьы уи иадҳәалаз акыр аиҿкаарақәа ишьақәгылоу арежим оппозицианы ианазыҟало ауп. Ихԥатәихаз, адиаспорақәа иахьынхо атәыла жәларбжьаратәи апозициақәа анырра анарҭо ауп.
Астатистика
[аредакциазура | акод аредакциазура]Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара адыррақәа рыла, 1960 шықәса рзы атәым тәылақәа рҟны инхон 75,5 миллионҩык ауаа, 2000 шықәса рзы – ари ахыԥхьаӡара 176,6 миллионҩык рҟынӡа ихалахьан, 2009 шықәса рзы ари ахыԥхьаӡара 213,9 миллионҩык рҟынӡа еизҳаит, 2013 шықәса рзы – 232 миллионҩык.