Пиотр I дуӡӡа
Пиотр Алексеи-иԥа Романов, Пиотр I, «Дуӡӡа» ҳәа ззырҳәоз (лаҵарамза 30 (рашәарамза 9), 1672 ш., Москва — ажьырныҳәамза 28 (жәабранмза 8), 1725 ш., Санкт-Петербург) – Урыстәылазегьтәи аимператор (1721 шықәса инаркны). Регентс диман аҳәынҭқар иԥҳа – иара иаҳәшьа Софиа Алексеи-иԥҳа – 1682 шықәса инаркны 1689 шықәсанӡа.[1]
Пиотр I ихәыҷреи иқәыԥшреи
[аредакциазура | акод аредакциазура]Пиотр I Алексеи-иԥа Романов диит лаҵарамза 30, 1672 шықәсазы Москва. Уи иаб Алексеи Михаил-иԥа Урыстәылатәи аимпериа аҳас дыҟан, уи 31 шықәса инеиԥынкыланы аимпериа дахагылан.
Иан, Наталиа Кирилл-иԥҳа Нарышкина, аамсҭа ҭыԥҳан. Иазгәаҭатәуп, Пиотр иаб ихшара рахтә иара ажәиԥшьтәи аԥа шиакәыз, иан лзы раԥхьатәи хшаран.
Заԥхьаҟа императорхараны иҟаз Пиотр ԥшьышықәса анихыҵ, иаб дыԥсуеит, аҳратәра аҟны дҟалоит иашьа еиҳабы – Фиодор Ахԥатәи Алексеи-иԥа.
Аҳ ҿыц Пиотр иааӡара инапы алеикуеит, дҵангьы иқәиргылеит еиуеиԥшым аҵарадыррақәа ирҵара. Усҟантәи аамҭазы аҳәаанырцәтәи анырра иаҿагыланы иқәԥон аҟынтә, Пиотр аҵара идырҵон аурыс дикәанцәа, адырра ҵаулақәа змамыз. Абри иахҟьаны аҷкәын иахәҭаз аҵарадырра имоуит, иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи амшқәа рҟынӡагьы агха амҭақәа дзыҩуамызт. Аха, иазгәаҭатәуп, Пиотр актәи идыррақәа ширҭбааз апрактикатә зыҟаҵара абзоурала.[2]
Пиотр I иҭоурых
[аредакциазура | акод аредакциазура]Фышықәса ааҵхьаны, Фиодор Ахԥатәи иԥсҭазаара далҵит, аҳратәра дахагылараны дыҟан уи иԥа Иван. Аха, закәанла ари аҭыԥ зоураны иҟаз згәабзиара уашәшәыраз хәыҷын. Ари аҭагылазаашьа Нарышкинаа рҭаацәара рхы иадырхәеит, аҳәынҭқарратә хҳәара еиҿыркааит уҳәар алшоит. Апатриарх Иоаким идгылара ала Нарышкинаа адырҩаҽныҵәҟьа Пиотр қәыԥш аҳра дахадыргылоит.
Аха, Милославскиаа – аҳ иԥа Иван ианшьцәа, аҳәамҭа ҟарҵеит рзинқәа шеилагоу азы, насгьы Пиотр аҳратәра иахаргылара азакәан шьаҭа амам ҳәа. Уи иахҟьаны, 1682 шықәсазы имҩаԥысит Стрелецктәи ақәгылара, абри ашьҭахь аҳ иҭыԥ аҟны иҟалеит иаразнак ҩыџьа аҳцәа - Ивани Пиотри.[3]
Абри аминуҭ инаркны амчмҟәыҵакҩы қәыԥш иԥсҭазаара аҟны акыр ҵакы змаз ахҭысқәа аҭыԥ роуит.
Ара инаҵшьны иазгәаҭатәуп, аҷкәын дхәыҷаахыс арратә ус дшазҿлымҳаз. Уи идҵа ала афартификациатә ргыларақәа мҩаԥысуан, насгьы ақәыргыларатә еибашьрақәа раан арратә техникаҵәҟьа ахархәара арҭон.
Пиотр актәи ихатәы артиллериа анаԥиҵа ашьҭахь, еиҿикаауеит идуум «афлот». Уи инаркны иара иҭахын амшын аҟны аҳратәра аура, аӷбақәа аибашьраҿы рхархәара.[4]
Аҳ Пиотр I
[аредакциазура | акод аредакциазура]Пиотр актәи дқәыԥшцәан аҟынтә, аҳәынҭқарра анапхгараҭара ихала илшомызт, убри аҟынтә иара регентс диман иаҳәшьа Софиа Алексеи-иԥҳа, анаҩс – иан Наталиа Нарышкина.
1689 шықәсазы аҳ Иван официалла имчра зегьы иашьа ииҭоит, уи иабзоураны азинмчы змаз аҳәынҭқарра ахадас дҟалоит Пиотр Актәи.[5]
Пиотр I инапхгараҭара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Абри инаркны Пиотр Актәи арратә хәмаррақәа дырҟәаҵит, урҭ рхаҭыԥан аԥхьаҟатәи арратә компаниақәа рзы апланқәа рышьақәыргылара далагеит. Уи Ҟрымтәи аибашьра Османтәи аимпериа иазынархаз иациҵоит, убасгьы Азовтәи аныҟәарақәа еиҿикаауеит.
Абарҭқәа ирыбзоураны Азовтәи абааш агара илшоит, ари Пиотр ибиографиа аҟны раԥхьатәи арратә ԥышәахеит, қәҿиарахеит. Анаҩс, Пиотр Актәи абаӷәаза Таганрог аргылара далагеит, аҳәынҭқарра аҟны афлот шыҟамызгьы.
Аха, Пиотр хықәкыс иҿаԥхьа иқәиргылоит иӷәӷәоу афлот аԥҵара, амшын аҟны анырра амазаара азы. Уи азын иара илшоз зегьы ҟаиҵеит, аамсҭацәа қәыԥшцәа аӷба аргыларатә занааҭ европатәи атәылақәа рҟны ирҵаларц азы.[6]
Иазгәаҭатәуп Пиотр Актәи ихаҭагьы аӷбақәа рыргылашьа шиҵоз, уи азын иара баша усуҩыс, махәҿала, анхацәа дрыдгыланы аус иуан. Ас еиԥш иусура иабзоураны ижәлар рыбжьара иаҳаҭыр даара ишьҭыҵит.
Иара убасҟан ауп Пиотр Дуӡӡа аҳәынҭқарратә система аҟны акыр шьақәгылашьақәа рҽеимра гәеиҭо даналага, ареформа ҿыцқәагьы игәы иҭеикуеит, арҭ ареформақәа аҭоурых аҟны ахааназы ихьӡ аанрыжьит.[7]
Иара иҭиҵаауан европатәи аҳәынҭқарра дуқәа рышьақәгылашьа, иреиӷьу аҭагылазаашьақәа алкаауа. Ари аамҭа Пиотр Актәи ибиографиа аҟны ачарҳәара аԥнаҵеит, усҟан ауп ианеиҿкааз стрелецктәи ақәгылара. Аха, аҳ илшеит ари ақәгылара аанкылара, насгьы ацәгьаршыҩцәа зегьы рахьырхәра.
Османтәи аимпериа аҟны аҭыԥ змаз акыр аиҿагыларақәа рнаҩс Пиотр Актәи иӡбоит аҭынчразы аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Уи анаҩс, иара Швециа абашьра далагоит. Иагьилшоит аӡиас Нева аӡы алаларҭа аҟны акыр абаашқәа инапахьы аагара, уа анаҩс, иргылан Пиотр Дуӡӡа иқалақь - Санкт-Петербург.[8]
Пиотр Дуӡӡа иеибашьрақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Акыр иқәҿиаз арратә компаниақәа рышьҭахь Пиотр Актәи илшоит Балтиатәи амшын ахь амҩа аартра, анаҩс уи «Европаҟа ахышә» ҳәа ахьӡырҵоит. Убри аамҭазы Урыстәылатәи аимпериа амчра еиҳа-еиҳа иӷәӷәахон, Пиотр Дуӡӡа ихьӡ-иԥша акәзар, Европа зегьы ирдыруан. Иаарласны Урыстәыла иадҵан Мрагыларатәи Прибалтика.
1709 шықәсазы имҩаԥысит еицырдыруа Полтаватәи аибашьра. Ари аибашьра иалахәын ашведцәеи аурысцәеи рырхәҭақәа. Аибашьра алҵшәақәа ртәы ҳҳәозар, ашведцәа ԥыххаа иган, иаанхаз архәҭақәа ракәзар, шасыс иган.[9]
Иазгәаҭатәуп Пиотр Актәи ажәыларақәа дышрылахәыз, агәымшәареи афырхаҵареи аарԥшуа. Иара дҿырԥшыган, уи ифырхаҵара аурыс архәҭақәа ргәы шьҭнахуан, дара аимператор изын ршьа ацәыкәбар нҵәаанӡа, аҵыхәтәанынӡа аибашьра иазыхиан.
Аинтерес зҵоу фактуп, Полтаватәи аибашьра аан, аӷа ихы Пиотр Актәи ихылԥа иахьақәшәаз, ихы азааигәара сантиметрақәак ракәын иагыз. Ари даҽазныкгьы иарҵабыргит аимператор иԥсҭазаара дшацәымшәоз, аиааира аагаразы. Аха, аибашьра хыԥхьаӡара рацәала аибашьцәа рыԥсҭазаарақәа агон, атәыла аресурсқәа ҵнашәаауан. Убранӡа инаӡеит – Аурыс империа х-фронткны аибашьра ақәшәеит.
Ари Пиотр Актәи адәныҟатәи аполитикахь имаз адунеихәаԥшышьа аԥсахит, акрызҵазкуаз аӡбамҭақәагьы идикылеит.
Иара, аҭычратә еиқәышаҳаҭра аҭырқәцәа рҟны инапы аҵеиҩит, абааш Азовгьы шьҭахьҟа рыҭара дақәшаҳаҭхеит. Ас еиԥш аӡбамҭақәа рыдкылара, аиқәшаҳаҭрақәа анапы рыҵаҩра иалнаршеит ауаа рыԥсҭазаарақәеи арратә техникеи реиқәырхара. Аамҭак ааҵхьаны, Пиотр Дуӡӡа мрагылараҟа аныҟәарақәа еиҿикаауа далагеит. Урҭ ирылҵшәахеит ақалақьқәа Омск, Семипалатинск, Камчатка уҳәа реиԥш иҟаз Урыстәыла иахьадлаз.
Пиотр Актәи, иара убасгьы, иҭахын Ҩадатәи Америка, Индиаҟа аекспедициақәа реиҿкаара, аха урҭ апланқәа аԥсҭазаара изаламырҵәеит. Аха, Пиотр Актәи илшеит Персиаҟа Каспиатәи аныҟәара аиҿкааара, уи аан иара Баку, Дербент, Астрабад, иара убас акыр абаашқәа инапахьы иааигеит.
Пиотр Актәи иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь арҭ анапахьы иаагаз аҵакырадгьылқәа зегьы Урыстәыла иацәыӡит, избанзар аҳәынҭқарра азын урҭ рныҟәгара феида ҳәа акагьы аламызт.[10]
Пиотр Актәи иреформақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]Пиотр Актәи иԥсҭазаара зегьы иалагӡаны акыр ареформақәа рымҩаԥгара илшеит, урҭ зегьы аҳәынҭқарра аҿиара иазырхаз ракәын. Иара иоуп аурыс напхгара рахьтә аимператор ҳәа зхы иазызҳәоз.
Аха зегь реиҳа ихадаз ареформақәа ззырхаз арратә ус акәын. Уи анаҩсгьы, Пиотр Актәи инапхгараҭара аан ауп ауахәама аҳәынҭқарра анапаҵаҟа ианыҟала, уаанӡа ус еиԥш иҟамызт.
Пиотр Актәи иреформақәа ааглыхра, ахәаахәҭра, насгьы ажәытә нхашьа ацәцара уҳәа рыҿиара иазырхан.[11]
Ҿырԥштәыс иаагозар, иара иоуп ажакьа аныҟәгара ашәахтә ақәызҵаз, уи ала иара иҭахын абоиарцәа европаа реиԥш рҭеиҭыԥш еиҭаркырц. Ас еиԥш алагала аурыс ҭауади-аамсҭеи рышьҭра рганахь ала агәынамӡарақәа шцәырнагазгьы, аусԥҟа иқәныҟәон.
Даара иуадаҩуп хырхарҭак алкаара, Пиотр Актәи иреформақәа зхьымсыз. Иара еиҿикааит раԥхьатәи Урыстәылатәи агазеҭ, иара убасгьы илшарақәа акыр адуп аҳәаанырцәтәи ашәҟәқәа аурыс бызшәахьы аиагара.
Есышықәса атәыла аҟны иаадыртуан амедицинатә, амшынтә, анџьныртә уҳәа ашколқәа, уа аҵара рҵаларц рылшон ачынуаа рыхшара реиԥш, анхаҩцәа рыхшарагьы. Пиотр Актәи иоуп Иулиантәи амзаргьы алазгалаз, иахьа уажәраанӡагьы ахархәара змоу.
Европа иҟазаара аан аҳ акыр асахьаҭыхымҭақәа ибеит, урҭ уаҩ ибла дыршанхон. Иҩныҟа даныгьежь иара асахьаҭыхыҩцәа афинансттә цхыраара рзыҟаиҵо далагеит, уи аурыс культура аҿиара акырӡа иацхраауан.
Пиотр Актәи иреформақәа рымҩаԥгашьа азын акыр акритика изыҟарҵон, избанзар, урҭ зегьы мчыла ауаа ирыдигылон, ауаа рыхдыррақәа иԥсахуан, игәы иҭеикуаз аусқәагьы наигӡон.
Игәҭакқәа рынагӡара ирҿырԥштәы хадоуп ақалақь Санкт-Петербург аргылара, уи акыр иуадаҩыз аамҭақәа рзы имҩаԥысуан. Аӡәырҩы ари аргылара иацыз аџьабаа рызхымгакәа ибналон. Ибналоз рҭаацәа ракәзар, абахҭа иҭаркуан, ибналаз аргыларахь игьежьаанӡа.
Иаарласны Пиотр Актәи еиҿикааит аполитикатә ԥшаареи аӡбарҭеи русбарҭа, анаҩс уи Маӡалатәи канцелиарианы еиҭеиҿкаан. Дарбанызаалак ауаҩы иаркыз ауада аҟны аҩра азин имамызт. Ас еиԥш аҭыԥ шамаз заҳаз аҳ иҟынӡа инеимгар - ахара здыз ашьра иқәырҵон. Ас еиԥш иџьбараз аметодқәа рхархәара ала Пиотр Актәи иҭахын аиҳабыра ирҿагылоз ачарҳәарақәа раԥырҟәҟәаара.[12]
Пиотр Актәи ихатәы ԥсҭазаара
[аредакциазура | акод аредакциазура]Пиотр Актәи данқәыԥшыз бзиа ибон Анемец ҳабла аҟны аҟазаара, иара аҳәаанырцәтәи аилазаара даара игәаԥхон. Иара уброуп раԥхьаӡа дахьибаз анемец ҭыԥҳа Анна Монс, иаразнакгьы бзиа диамхабоит.
Иан лакәзар, арҭ аизыҟазаашьақәа дырҿагылон аҟнытә, илулак лԥа аурыс ҭыԥҳа Евдокиа Лопухина дигартә иҟалҵоит. Иџьашьатәызаргьы, Пиотр иан лажәа ҩбеимтәит. Лопухина пҳәысс дигеит. Урҭ ирыхшеит ҩыџьа аԥацәа: Алексеии Александри, аҩбатәи ахәыҷы дшыхәыҷӡаз иԥсҭазаара далҵит.
Пиотр Актәи инаҩс иара иҭыԥ ааникылар акәын иԥа Алексеи. Аха Евдокиа лхаҵа иҭыԥ дахҳәаны лыҷкәын амчра иҭара лҽаназылшәа ашьҭахь, зегьы даҽакала иҟалеит. Лапухина аберҭыԥ ахь ддәықәҵан, Алексеи иакәзар, аҳәаанырцәҟа дыбналаны ацара иқәшәеит. Абра иҳәатәуп Алексеи иаб иреформақәа зынӡагьы дшырзыразымыз, иаб адеспот ҳәа изиҳәон.[13]
1717 шықәсазы Алексеи дыԥшааны дырбаандаҩын, анаҩс ачарҳәаразы ашьрагьы иқәҵан. Аха иара ихала абахҭаҟны дыԥсит, еилкаам аҭагылазаашьақәа рыла.
Иԥҳәыси иареи анеилыҵ ашьҭахь, Пиотр Актәи 1703 шықәсазы бзиа дибоит 19 шықәса зхыҵуаз Катерина (даныӡӷабыз - Марта Самуил- иԥҳа Скавронскаиа). Урҭ рыбзиабара акыр шықәса аҭыԥ аман.
Аамҭак анаҩс дара еибагоит, аха еибагаанӡа лара аимператор иҟынтә ҩыџьа аԥҳацәа лоухьан – Аннеи (1708) Елизаветеи (1709). Елизавета анаҩс даҳкәажәхеит (1741–1761шш.)
Катерина даара иҟәышыз, аилкаара змаз ԥҳәызбан. Лараӡәк лоуп изылшоз аҳ ижьжьара, иргәыбзыӷра, уи ахыхь ӷәӷәа анизцәырҵуаз аамҭазы.
Официалла Пиотр аԥҳәыс дигеит аҩынтә раан 1712 шықәсазы. Уи ашьҭахь дара даҽа жәҩык ахшара роуит, урҭ реиҳараҩык ишхәыҷқәаз рыԥсҭазаара иалҵит.
Пиотр Актәи Катерина даара бзиа дибон. Лара лаҳаҭыраз иаԥҵан аорден «Иԥшьоу Екатерина», насгьы Урал иҟаз ақалақь Екатеринбург ахьыӡҵан. Екатерина Актәи лыхьӡ ахуп Екатерининтәи ахан Аҳцәа Рқыҭа (Царское Село) аҟны (иара ргылан Елизавета Пиотр-иԥҳа лхаан).
Иаарласны Пиотр Актәи инысмҩа аҟны дцәырҵит даҽа ԥҳәызбакгьы, Мариа Кантемир, уи аимператор изы иԥсҭазаара далҵаанӡа фавориткас дыҟан.[14]
Пиотр иԥсра
[аредакциазура | акод аредакциазура]Ҭеиҭыԥшла Пиотр Актәи даара иӷәӷәаз, агәабзиара змаз аӡә иоуп уҳәаратәы дыҟан, аха иԥсҭазаара зегьы ахыхь бааԥсы даргәаҟуан.
Иԥсҭазаара аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы иара аҷаҷа чымазарагьы даргәамҵуа далагеит, уи хьаас ишикымзгьы.
1725 шықәсазы изцәырҵуаз ахьаақәа убри аҟара иӷәӷәахеит, ииарҭа дзылымҵуа аҟынӡа днаргеит. Игәабзиара есҽны еицәахон, ахьаақәа рычҳара уадаҩхон.
Пиотр Актәи Алексеи- иԥа Романов иԥсҭазаара далҵит ажьырныҳәамза 28, 1725 шықәсазы Аӡынтәи ахан аҟны. Уи иԥсҭазаара иалҵра зыхҟьаз ҳәа иазгәаҭоуп агәаҵәыхь. Аха, анаҩс излеилкаахаз ала, дызгаз ианкьапышҭа ахьҭа иалалаз агангренахь аиасра ауп.
Пиотр Дуӡӡа анышә дамадоуп Петропавловсктәи абаа аҟны Санкт- Петербург, аурыс аҳратәра ашьҭрамдаҩыс дҟалеит иԥҳәыс Екатерина Актәи.[15]
Азгәаҭақәа
[аредакциазура | акод аредакциазура]- ↑ "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2022-01-04 ахь. Ириашоу 2024-01-30 шықәсазы.
{{cite web}}
: CS1 maint: archived copy as title (link) - ↑ http://rushist.com/index.php/platonov-lectures/1936-detstvo-petra-i
- ↑ https://pomnisvoih.ru/velikie-lyudi-rossii/kratkaya-biografiya-petra-1.html
- ↑ https://www.istmira.com/drugoe-istoriya-rossii/16228-petr-i-kratkaja-biografija.html
- ↑ https://histrf.ru/lichnosti/biografii/p/pietr-i
- ↑ https://xn--1-itb3afj.xn--p1acf/
- ↑ https://24smi.org/celebrity/3555-petr-i.html
- ↑ https://ruskerealie.zcu.cz/r2-3A.php
- ↑ https://histerl.ru/periudi_istorii/petr_pervie/vojny-petra-pervogo.htm
- ↑ https://library.vladimir.ru/vystavki-2/vystavka-vojny-i-poxody-petra-i.html
- ↑ https://swsu.ru/sbornik-statey/reformy-petra-polnostyu-opredelyalis-mentalitetom-ikh-vershitelya.php
- ↑ http://rapsinews.ru/publications/20190917/303879490.html
- ↑ "Archive copy". Архивтәра аоригиналзы шықәсазы 2021-10-15 ахь. Ириашоу 2024-01-30 шықәсазы.
{{cite web}}
: CS1 maint: archived copy as title (link) - ↑ http://rapsinews.ru/incident_publication/20180911/287428473.html
- ↑ https://igardens.ru/event/28-january-the-death-of-peter-i/